АИХ адыррақәа рыла, иаха урыстәылатәи арбџьармчқәа  Одесса аракетақәа аларыжьит
АИХ адыррақәа рыла, иаха урыстәылатәи арбџьармчқәа  Одесса аракетақәа аларыжьит

АИХ адыррақәа рыла, иаха урыстәылатәи арбџьармчқәа  Одесса аракетақәа аларыжьит. Украинатәи аруаа рҳәамҭала, ажәылара мҩаҧган Амшын еиқәа акваториа аҟынтәи. Хҩык иҭахеит,  10ҩык ахәрақәа роуит.

Ақалақь агәҭаны аҵараиурҭеи, анхарҭатә комплекси, акрыфарҭеи, адәқьанқәеи аҧхасҭа ду роуит.

Украинатәи АИХ адыррақәа рыла, иаха аҳәаа иаҧну араион  21-нтә иалахысит,  101 аҧжәарақәа ҟалеит, аҳәынҭқарратә Абнатә агентра быжьҩык аусзуҩцәа ҭахеит.

Украина аҳаиртә мчқәа рнапхгаҩы  Валери Залужни иҳәамҭала, Украина мрагыларатәи аладатәи ахәҭақәа рҿы  «ахыхьчара-ажәыларатә» ақәҧарақәа инагӡоит. Иара иажәақәа рыла, Украина атәылахьчаратә мчқәа ақәҿиара рымоуп.