Урыстәыла ала аракетатә аахара амшала украинатәи ақалақь Уман 23ҩык, Днепропетровск – ҩыџьа ҭахеит
Урыстәыла ала аракетатә аахара амшала украинатәи ақалақь Уман 23ҩык, Днепропетровск – ҩыџьа ҭахеит

Урыстәыла ала аракетатә аахара амшала украинатәи ақалақь Уман иҭахаз ауааҧсыра рхыҧхьаӡара 23ҩык рҟнынӡа ишьҭыҵит. Украинатәи амедиа аинформациала, иҭахаз иреиуп ҩыџьа ахәыҷқәа.

Уман ақалақьаҿ анхарҭатә корпус иақәҳаит 2 ракетак.

200 километр рыла Киев иазааигәоу ақалақь Уман ҵхыбжьон аракетақәа аларыжьит.

Аракетатә аахара амшала  17ҩык ахәрақәа роуит, аиқәырхаҩцәа хҩык ахәыҷқәа еиқәдырхеит.

Урыстәыла ала аракетатә жәылара амшала Днепропетровск ақалақьаҿ аҿгьы ҩыџьа аҭынчуаа –  31 шықәса зхыҵуаз аҧҳәыси лхылҵи ҭахеит.