Урыстәыла ашәарҭадаратә федералтә маҵзура аинформациала, Карелиатәи ареспубликаҿ Украина амаҵзура ҷыдақәа зымҩаԥгара ргәы иҭаз атеракт аԥырҟәҟәаара ирылшеит
Урыстәыла ашәарҭадаратә федералтә маҵзура аинформациала, Карелиатәи ареспубликаҿ Украина амаҵзура ҷыдақәа зымҩаԥгара ргәы иҭаз атеракт аԥырҟәҟәаара ирылшеит

Урыстәыла ашәарҭадаратә федералтә маҵзура аинформациала, Карелиатәи ареспубликаҿ Украина амаҵзура ҷыдақәа зымҩаԥгара ргәы иҭаз атеракт аԥырҟәҟәаара ирылшеит.
Аусҳәарҭа аинформациала, атеракт амҩаԥгара украинатәи амаҵзура ҷыдақәа рҟны аимадара змаз Беларус атәылауаҩ идын.

“Феисбук” аҿы аларҵәара зауз адыррақәа рыла, акуратор идҵа инақәыршәаны, ацәгьоуҩы Олонец ақлақь аҿы аминистративтә хыбрак ԥижәар акәын.

Аанкылараан, уи амаҵзура ҷыдақәа рхаҭарнакцәа ахысра далагеит, азакәанхьчаҩҵәа уи аҭыԥаҿ дыршьит.