Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа Киеви украинатәи ақалақьқәеи аракетақәа ирылахысит
Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа Киеви украинатәи ақалақьқәеи аракетақәа ирылахысит

Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа Киеви украинатәи ақалақьқәеи аракетақәа ирылахысит.

Киев абомбақәа рытҟәацра амшала ааҩык ҭахеит, ахәрақәа роуит 24-ҩык.

Аҭыԥантәи напхгара рхаҭарнакцәа ауааԥсыра рахь ааԥҳьара ҟарҵоит ахыҵәахырҭақәа рҿы иаанхарц.

Иара убас, Днепропетровски, Хмельницки Житомири аԥжәарабжьы гон.

Украина арбџьармчқәа реиҳабы Валери Залужныи ишааицҳаз, урыстәылатәи ампыҵахаларатә мчқәа Украина аҵакырдгьыл ахырхарҭала 75 ракета рышьҭит.