Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  - Калининградтәи атәылаҿацәи Урыстәыла егьи аҵакырадгьыли рыбжьара Литва иалганы аидаратә транзит хара имгакәа еиҭашьақәыдмыргылар, Урыстәыла ахатә амилаҭтә интересқәа рыхьчаразы иамоу азин ахархәара иалагоит

«Калининградтәи атәылаҿацәи Урыстәыла егьи аҵакырадгьыли рыбжьара Литва иалганы аидаратә транзит хара имгакәа еиҭашьақәыдмыргылар, Урыстәыла ахатә амилаҭтә интересқәа рыхьчаразы иамоу азин ахархәара иалагоит», — иануп Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.

Reuters адыррала,  Литва аиҳабыра, Евроеидгыла асанкқәа ззышьақәнаргылаз    атауарқәа ртранзит ақәиҭымтәразы аӡбара рыдыркылеит.  АИХ ишаарыцҳаз ала, Кремль ари аӡбара иақәшаҳаҭым.

«Уи закәаным. Аҭагылазаашьа уадаҩуп, аӡбарақәа рыдкыларанӡа ари аҭагылазашьа ҭҵааны, анализ азутәуп», —  иҳәеит Урыстәыла ахада ихаҭарнак.

Калининградтәи атәылаҿацә Польшеи Литвеи рыбжьара ишьҭоуп, уи  еиуеиҧшым атауарқәа рыла еиқәдыршәоит Литва иалсны ицо  урыстәылатәи аихамҩақәеи амҩангагақәеи  рыла.