Мариа Захарова  2008 шықәсазы Қырҭтәыла аҭагылазаашьа иазкны Жәларбжьаратәи ашьауҕатә аӡбара иаднакылаз  ақәҵара дахцәажәеит
Мариа Захарова  2008 шықәсазы Қырҭтәыла аҭагылазаашьа иазкны Жәларбжьаратәи ашьауҕатә аӡбара иаднакылаз  ақәҵара дахцәажәеит

Мариа Захарова  2008 шықәсазы Қырҭтәыла аҭагылазаашьа иазкны Жәларбжьаратәи ашьауҕатә аӡбара иаднакылаз  ақәҵара дахцәажәеит.

Захарова лҳәамҭала, Жәларбжьааратәи ашьауҕатә аӡбарҭа апрокуратура имҩаҧнагаз аусеилыргара  даҽазнык аанарҧшит аиашаӡбара иадҳәаланы иҩбоу астандартқәа шыҟоу.

«14 шықәса иалагӡаны  инагӡоз аусеилыргараан, арегион аҷыдарақәа ззымдыруа, аха, Аӡбарҭа мраҭашәаратә ахылаҧшцәа рҳәатәы назыгӡо аусӡбаҩцәа,  аҭагылазаашьа зегьы аадырҳәит, зыӡбахәы ҳәоу аимак аҿы азарал зауз аган ахара рыдырҵеит», — иануп адырраҿы.

Иара убас, Захарова ишылҳәаз ала, Гаагатәи Жәларбжьратәи аӡбарҭа аӡбаҩцәа интересс ирымамызт  «ақырҭуа арбџьармчқәа Цхинвал аҭынчуаа гәымбылџьбарала абомбақәа шрыларыжьуаз, аҭынчрачаҧаҩцәа ишрықәлоз».

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ишырҳәаз ала, дара Гаагатәи аӡбарҭа аус ацыруам.