Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ишырҳәаз ала,  Москва Бақәа демарш азаадырҧшит
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ишырҳәаз ала,  Москва Бақәа демарш азаадырҧшит

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ишырҳәаз ала,  Москва Бақәа демарш азаадырҧшит. Атрадициатә есымчыбжьтәи абрифинг аҿы ари атәы аалыцҳаит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова.

Ари аӡбара уажәааны Азербаиџьан иҟаҵаз аҳәамҭа иадҳәалоуп. Азербаиџьан иаланарҵәаз аҳәамҭа инақәыршәаны, Урыстәыла ала импыҵахалоу украинатәи арегионқәа рҿы имҩаҧгахо алхрақәа аиуристтә мчы роуам.

«Бақәа ҳтәыла аҵакырадгьылтә акзаара азҵаара убасҵәҟьа иазныҟәароуп дара Азербаиџьантәи ареспублика аҵакырадгьылтә акзаараа азҵаара ҳара ҳазныҟәарц шырҭаху еиҧшҵәҟьа», — илҳәеит  Захарова.