Украинатәи АИХ адыррақәа рыла,  урыстәылатәи атанкқәа Киев ахырхарҭала идәықәлеит
Украинатәи АИХ адыррақәа рыла,  урыстәылатәи атанкқәа Киев ахырхарҭала идәықәлеит

Урыстәылатәи атанкқәа Киев ахырхарҭала идәықәлеит, — аанацҳаит украинатәи аҭыжьымҭа  «Униан» атәыла Аштаб хада адырра шьаҭас иҟаҵаны.

«Урыстәылатәи атанкқәа Киев ахырхарҭала идәықәлеит, аха, Иванков ааигәара ақәҧара иалагеит. Урыстәылатәи аколлона аанкыларазы украинатәи амчқәа ацҳа ҧыржәеит», — иануп адырраҿы.

Ишазгәаҭоу ала, Иванков Киевҟа ицо амҩа агәҭаны ишьҭоуп, ари апунк аҟынтә Киев ажәылара алшара цәырҵуеит.