Украинатәи АИХ адыррақәа рыла, урыстәылатәи аруаа Запорожтәи атомтә станциа ашҭаҳәыҧш ргеит
Украинатәи АИХ адыррақәа рыла, урыстәылатәи аруаа Запорожтәи атомтә станциа ашҭаҳәыҧш ргеит

Украинатәи АИХ адыррақәа рыла, урыстәылатәи аруаа Запорожтәи атомтә станциа ашҭаҳәыҧш ргеит. Ари атәы аанацҳаит Аиадертә регулиациазы аҳәынҭқарратә инспекциа.

Аусбарҭаҿы ишырҳәаз ала, астанциа аблокқәа рыфбагьы еибгоуп. Аргыларатә конструкциақа аҧхасҭа роуит, аха, ашәарҭара зхылҵыр зауа аенергоблокқәа аҧхасҭа рмоуит.

АИХ адыррақәа рыла, хәажәкыра 4 аухаз атомтә станциа аурыс ампыҵахалаҩцәа идәықәырҵаз аҧжәага аахеит.

Атомтә станциа анапхгара рҳәамҭала, астанциа аҵакырадгьыл иалалеит Кадыров игәыҧқәа.

Украина ахада Владимир Зеленски Европаҟа ааҧхьара ҟаиҵеит Урыстәыла аиадертә терроризм ахарарҵарц.