Украина жәлар рыхьчаҩ - Аибашьра иалагеижҭеи 400 000-ҩык иреиҳаны украинаа мчыла Урыстәыла иргеит
Украина жәлар рыхьчаҩ - Аибашьра иалагеижҭеи 400 000-ҩык иреиҳаны украинаа мчыла Урыстәыла иргеит

Аибашьра иалагеижҭеи 400 000-ҩык иреиҳаны украинаа мчыла Урыстәыла иргеит. Ари атәы аалыцҳаит  Украина аомбудсмен Лиудмила Денисова “Еврониус” аинтервиу аҿы.

„Ҳтәылауаа ҳҵакырадгьыл аҟынтә ртәылашҟа иргеит. Урҭ мчыла зны Донецктәи аокруг аиҟоу афильтрациа алагер ахь ирган, уантә автобусқәа, адәыӷбақәа рыла Урыстәыла ауаҩы дахьыҟам арегионқәа рахь, Сахалин иргоит”, –  илҳәеит  Лиудмила Денисова.

Украина аомбудсмен лажәақәа рыла, аибашьра иалагеижьҭеи еиқәшәо агуманитартә корридоркгьы еиҿкаамызт. Денисова лажәақәа рыла, Мариуполь ақалақь аҿы аурысцәа рхымҩаԥгашьа агеноцидуп.

„Мариуполь аҭагылазаашьа даара ицәгьоуп. Ахыбрақәа реиҳарак абомбақәа рыларыжьра иахҟьаны еилаҳаит. Иҭахеит 20000-ҩык иреиҳаны”, – аалыцҳаит Украина аомбудсмен Лиудмила Денисова.