Украина Рада адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа ркомитет ахантәаҩы Қырҭтәыла апарламент алахәылацәа адгыларазы иҭабуп ҳәа раиҳәоит
Украина Рада адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа ркомитет ахантәаҩы Қырҭтәыла апарламент алахәылацәа адгыларазы иҭабуп ҳәа раиҳәоит

Украина Рада адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа ркомитет ахантәаҩы Олександр Мережко Қырҭтәыла апарламент алахәылацәа адгыларазы иҭабуп ҳәа раиҳәоит.

Олександр Мережко Украина адгыларатә резолиуциа иазку Қырҭтәыла адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа ркомитет ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Гиорги Хелашвили “Твиттер” аҿы иҟаиҵаз аҳәамҭа дақәҿиҭит.

“Адгыларазы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит,” – иҩит Украина Рада адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа ркомитет ахантәаҩы..

Қырҭтәыла апарламент  «Ақырҭуа гәахтәы» ахаҭарнакцәа ицәырыргаз Украина адгыларатә резолиуциа аднакылеит. Апарламент аҿы ирыдыркылаз арезолиуциа атекст цәырыргеит апартиа  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа. Арезолиуциа атекст ишану ала,  Қырҭтәыла,  ихьыҧшым аҳәынҭқарра аҵакырадгьылтә акзаара еилазгаша иарбанызаалак аҽазышәара иақәыӡбоит.