Украина иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ишааицҳаз ала, Украина  ахәрақәа зауз  ақырҭуа аруаа рхыҧхьаӡара ааҩык рҟынӡа иазҳаит  
Украина иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ишааицҳаз ала, Украина  ахәрақәа зауз  ақырҭуа аруаа рхыҧхьаӡара ааҩык рҟынӡа иазҳаит  

Украина иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Гьаргь Зақарашвили ишааицҳаз ала, Украина ахәрақәа зауз ақырҭуа аруаа рхыҧхьаӡара ааҩык рҟынӡа ишьҭыҵит.  Иара иажәақәа рыла, аруаа зегьы амедицинатә цхыраара роуеит. Урҭ руаӡәы иҭагылазаашьа цәгьоуп.

Иацы Харьковтәи атәылаҿацә аҿы иҭахаз ҩыџьа ақырҭуаа ирыдҳәаланы ацҳаражәҳәаҩ ишиҳәаз ала,  уажәазы аҧсыбаҩқәа аибашьра ахьымҩаҧысуа аҭыҧаҿ иҟоуп, ралгара макьана ирылымшеит.