Украина иҭахаз ақырҭуа еибашьҩы Давиҭ Куҷукиани иҧсыбаҩ Қырҭтәылаҟа иааргеит
Украина иҭахаз ақырҭуа еибашьҩы Давиҭ Куҷукиани иҧсыбаҩ Қырҭтәылаҟа иааргеит

Украина иҭахаз ақырҭуа еибашьҩы Давиҭ Куҷукиани иҧсыбаҩ Қырҭтәылаҟа иааргеит.

Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ иҟан иҧсыз иуацәеи, иҩызцәеи, аполитикцәеи, атәылауаҩратә активистцәеи.

32 шықәса зхыҵуаз Давиҭ  Куҷукиани дҭахеит Баҳмуҭ ааигәара.

Давиҭ Куҷукиани  иҭаацәара ишырҳәаз ала, иара Украинаҟа ддәықәлеит аибашьра ианалагаҵәҟьа,  ақәҧара аҧышәа ду иман, Афганистан имҩаҧысуаз амиссиа ҩынтә далахәын.

Украина иҭахаз ақырҭуа еибашьҩы Карели амуниципалитет Берниси ақыҭан дынхон.