Украина ЕАШ аҟнытә арратә цхыраара актәи ахәҭа аиуит
Украина ЕАШ аҟнытә арратә цхыраара актәи ахәҭа аиуит

Украина ЕАШ аҟнытә арратә цхыраара актәи ахәҭа аиуит. Ари атәы аанацҳаит Украина иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәара.

“Ахада Баиден Украина ашәарҭадара арӷәӷәаразы ишьақәирӷәӷәаз ацхыраара апакет актәи ахәҭа Киев иҟоуп,” – иануп ацҳаражәҳәара аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.

Украина иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәара аинформациа ала, ЕАШ Украина ар рыцхыраара нарыгӡоит. Абри ала иубарҭоуп Урыстәыла агрессиа афон аҿы,  ЕАШ Украина ахыхьчара алшара арӷәӷәара гшаҭаху,” –  иазгәаҭоуп аҳәамҭа аҿы.