Украина даҽа ҩыџьа ақырҭуа аибашьцәа ҭахеит
Украина даҽа ҩыџьа ақырҭуа аибашьцәа ҭахеит

Украина даҽа ҩыџьа ақырҭуа аибашьцәа ҭахеит. Ари атәы Қырҭтәыла Актәи аканал ахь ааицҳаит Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Гиорги Зақарашвили.

Ацҳаражәҳәаҩ иажәақәа рыла, иҭахаз аибашьцәа Михаил Ҟаԥланишвилии Алеқсандре Мартиашвилии роуп.

Зақарашвили иажәақәа рыла, Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иашьашәалоу ауснагӡатәқәа мҩаԥнагоит Украина иҭахаз ақырҭуа аиьашцәа рыԥсыбаҩқәа рыԥсадгьы ахь аиагара аганахьла.

Украина аибашьра иалагеижьҭеит иҭахеит 22-ҩык ақырҭуа аибашьцәа.