Украина даҽа ақырҭуа аибашьҩы Арчил Деврисашвили дҭахеит. Украина иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәара ари аинформациа шьақәнарӷәӷәеит.
“Украина иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәараҿ Қырҭтәыла атәылауаҩ иҭахара иазкны ирдыруеит. Инагӡоит иашьашәалоу апроцедурақә”, – аарыцҳаит ацҳаражәҳәара аҟынтә.
Заанаҵтәи адыррақәа рыла, Арчил Деврисашвили Бахмут ааигәара ақәԥараан иацы дҭахеит.