Украина даҽа ақырҭуа еибашьҩык дҭахеит
Украина даҽа ақырҭуа еибашьҩык дҭахеит

Украина даҽа ақырҭуа еибашьҩык дҭахеит. Ари атәы Актәи аканал ахь Украина иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Гиорги Зақарашвили ааицҳаит.

Иҟоу адыррақәа рыла ақырҭуа аибашьҩы ахимиатә маҭәашьар иԥырхагахан, ахәышәтәырҭаҿ иԥсҭазаара далҵит.

Иҭахаз аибашьҩы иҭаацәара Гуриа, Ланчхәыҭтәи амуниципалитет ақыҭа Гвимбалаури инхоит.

Украина ицо аибашьраҿ иҭахеит 25-ҩык ақырҭуа аибашьцәа.