Украина даҽа ақырҭуа еибашьҩык дҭахеит
Украина даҽа ақырҭуа еибашьҩык дҭахеит

Украина даҽа ақырҭуа еибашьҩык, Бердиа Џьохаӡе дҭахеит. Ари атәы Актәи аканал ахь Украина иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Гиорги Зақарашвили ааицҳаит.

Бердиа Џьохаӡе ахәышәтәырҭаҿ, аоперациа анижыҟарҵо аан дыԥсит. Ацҳаражәҳәаҩ иажәақәа рыла, аԥсра амзыз макьана идырым. Џьохаҿе иҭаацәара алахәырацәа ишырҳәо, ақырҭуа аибашьҩы игәабзиара цәгьахеит аурысцәа рхы иадырхәаз ахимиатә абџьар амшала. Ацҳаражәҳәаҩ ишазгәеиҭаз, аԥсра амзыз аекспертиза ашьҭахь еилкаахоит.

Аԥсы аԥсадгьыл ахь уаҵәы ааргоит.

Украина ицо аибашьраҿ иҭахеит 18-ҩык ақырҭуа аибашьцәа.