Украина авице-аҧыза лҳәамҭала,  "Азовсталь"   аҟынтә агуманитартә корридор иахьа аадыртуам, избанзар, ари азҵааразы аиқәшаҳаҭра иҟам

Украина авице-аҧыза Ирина Верешук лҳәамҭала,  “Азовсталь”   аҟынтә агуманитартә корридор иахьа аадыртуам, избанзар, ари азҵааразы аиқәшаҳаҭра иҟам.

«Убри азоуп ҳара ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада ҳазиҳәаз агуманитартә корридор аартразы ахәдақәҵаҩс дықәгыларц.  «Азовсталь» аҿы иаанханы иҟоу аҭынчуаа рзы агуманитартә корридор ауп ҳазлацәажәо. Иара убас, ҳара аҳәара иқәҳаргылеит агуманитартә корридор ЕАРи Аџьар Ҟаҧшьи ахьчаҩцәа ацзарц“, — илҳәеит Украина авице-аҧыза.