Украина авице-аҧыза  - Ҭырқәтәыла азауад   "Азовсталь" аҟынтә аевакуациа иазку аиҿцәажәарақәа рҿы абжьацәажәара иақәшаҳаҭхеит
Украина авице-аҧыза  - Ҭырқәтәыла азауад   "Азовсталь" аҟынтә аевакуациа иазку аиҿцәажәарақәа рҿы абжьацәажәара иақәшаҳаҭхеит

Украина авице-аҧыза Ирина Верешук лҳәамҭала,  Ҭырқәтәыла азауад   “Азовсталь” аҟынтә аевакуациа иазку аиҿцәажәарақәа рҿы абжьацәажәара иақәшаҳаҭхеит. Лара лажәақәа рыла, уажәазы ЕАРи  «Аџьар Ҟаҧшьи» рылахәызаарала аевакуациа аплан аиқәыршәара иаҿуп.

«Ҳара аиҿцәажәарақәа араунд ҿыц ҳалагеит. Ахәра цәгьақәа змоу рҟынтә ҳалагоит. Иахьа Аџьар ҟаҧшьи ЕАРи  ахаҭарнакцәа аурысцәа ирҧылеит, амандат роуит. Адокумент еиқәыршәазар ҳҭахуп.  «Азовсталь» аҟынтә аевакуациа апроцесс шымҩаҧысуа аадыруазароуп, адокумент анапаҵаҩразы ҳҽазыҟаҳҵоит. Ари араунд аҿы Ҭырқәтәыла абжьацәажәара мҩаҧнагоит», — илҳәеит Ирина Верешук.

Аполк «Азов»  аиҳабы ихаҭыҧуаҩ  Свиатослава Паламарь ишиҳәаз ала, уажәазы азауад аҿы иҟоуп ахәрақәа змоу  600ҩык аибашьцәа.