Мариуполь администрациа адыррақәа рыла,  урыстәылатәи ампыҵахаларатә мчқәа  "Азовсталь» аҵакырадгьыл аҿы амцаркыгатәи афосфортәи ахыршәгақәа рхы иадырхәит
Мариуполь администрациа адыррақәа рыла,  урыстәылатәи ампыҵахаларатә мчқәа  "Азовсталь» аҵакырадгьыл аҿы амцаркыгатәи афосфортәи ахыршәгақәа рхы иадырхәит

Иацы ампыҵахалаҩцәа, Мариуполь ахьчаҩцәа ирҿагыланы, «Азовсталь» аҿы амцаркыгатәи афосфортәи ахыршәгақәа рхы иадырхәон. Аҭыҧантәи АИХ ари аинформациа аладырҵәеит Мариуполь администрациа адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

«Ампыҵахалаҩцәа рхаҭа ирҳәеит амцаркыгатә ахыршәгәқәа 9М22С рхы ишадырхәаз. Амца атемпература  —  2-2,5 нызқь градус аҟынӡа ишьҭыҵуеит. Апрактикала, абылра арҵәара изалшом», — иҳәеит ақалақь ахада ибжьагаҩ  Пиотр Андрушенко.