Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациала, Судан иҟоу Қырҭтәыла атәылауаа ревакуациа иалагеит
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациала, Судан иҟоу Қырҭтәыла атәылауаа ревакуациа иалагеит

Судан иҟоу Қырҭтәыла атәылауаа ревакуациа иалагеит.

Ари аты аарыцаит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә.

„Судан иҟоу Қырҭтәыла атәылауаа ревакуациа апроцесс иалагеит. Урҭ иахьыҟаз аҭыԥ аҟынтә даҽа ҭыԥк ахь иагоуп, уантә аевакуациа апроцсс мҩаԥысуеит“, – иануп аинформациа аҿы.

Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Алеқсандре Хвҭисиашвили иҟаиҵаз аҳәамҭала, аилахәырақәеи Қырҭтәыла атәылауааи рҟны аимадара рымоуп.

„Ишыжәдыруа ала, иацы Қырҭтәыла атәылауаа, иааҟәымҵӡакәа аиҿагылара ахьымҩаҧысуа аҭыҧ аҟынтә иаҳа ишәарҭам аҭыҧашҟа , Судан аҳҭнықалақь Харҭум ашҟа ииаган. Аԥсадгьыл ахь ревакуациа апроцесс иалагахьеит. Ари апроцесс активла иалахәуп Ҭырқәтәылатәи ареспубликаҿ иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәареи Мысра иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәареи. Арҭ амшқәа рзы ҳтәылауаа аԥсадгьыл ахь ихынҳәуеит.  Ҳарҭум иҟоу аилахәырақәеи Қырҭтәыла атәылауааи рҟны аимадара ҳамоуп“, – иҳәеит Алеқсандре Хвҭисиашвили.