Украина аштаб хада - "Азовсталь" аҵакыраҿ иҟоу арҟәыҵәақәа рнапхгаҩцәа аибашьцәа рыԥсҭазаара аиқәырхаразы адҵа роуит, агарнизон "Мариуполь" амаз арратә дҵа нанагӡеит
Украина аштаб хада - "Азовсталь" аҵакыраҿ иҟоу арҟәыҵәақәа рнапхгаҩцәа аибашьцәа рыԥсҭазаара аиқәырхаразы адҵа роуит, агарнизон "Мариуполь" амаз арратә дҵа нанагӡеит

Украина аштаб хада аҟынтә ишаарыцҳаз, агарнизон “Мариуполь” амаз арратә дҵа нанагӡеит, “Азовсталь” аҵакыраҿ иҟоу арҟәыҵәақәа рнапхгаҩцәа аибашьцәа рыԥсҭазаара аиқәырхаразы адҵа роуит. Иашьашәалоу аҳәамҭа асоциалтә каҭа “Феисбук” аҿы аланарҵәеит Украина аштаб хада.

„Агарнизон “Мариуполь” амаз арратә дҵа нанагӡеит. Ар иреиҳаӡоу аԥызацәа рҟынтә, “Азовсталь” аҵакыраҿ иҟоу арҟәыҵәақәа рнапхгаҩцәа аибашьцәа рыԥсҭазаара аиқәырхаразы адҵа роуит. Азауад аҵакыраҿ иҟоу Украина ахьчаҩцәа реиқәырхара аоперациа мҩаԥысуеит”, – иануп агенштаб аҳәамҭа аҿы.

Украина Атәылахьчара амнистрра аинформациала, лаҵара 16 рзы “Азовсталь” аҟынҭә  ахәрақәа змаз 53-ҩык аруаа аевакуациа рзырун, урҭ импыҵахалоу аҵакырадгьыл аҿы иҟоу аҵалаҵь Новоазовск иҟоу амедицинатә усҳәарҭахь инаган. Украинатәи аган аинформациа ала, иҵегьы 211-ҩык аибашьцәа агуманитартә коридор ала Еленовкахь аевакуациа рзыруит.