ЕАР агәынамӡара аанарԥшит Мариуполь, арратә тҟәацәа рус азы жәларбжьаратәи атрибунал амҩаԥгара иазкны
ЕАР агәынамӡара аанарԥшит Мариуполь, арратә тҟәацәа рус азы жәларбжьаратәи атрибунал амҩаԥгара иазкны

ЕАР агәынамӡара аанарԥшит Мариуполь, арратә тҟәацәа рус азы жәларбжьаратәи атрибунал амҩаԥгара иазкны. Ари атәы аанацҳаит ВВС.

ЕАР ауаҩытәыҩа изинқәа рыхьчара аофис аҟынтә ишаарыцҳаз, аибашьра аҽалархәразы аруаа ркыдцалара, арратә ацәгьауроуп.

Аофис ахаҭарнак иажәақәа рыла, иҟоу адыррақәа рыла мариупольтәи афилармониа ахыбраҿ украинатәи арратә тҟәацәа рзы акамерақәа дыргылоит.

ВВС адыррақәа рыла, ЕАР ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара аофис аусуҩцәа  аурысцәа ирымоу украинатә атҟәацәа ргәаҭаразы мап рарҳәеит.

Уаанӡа, урыстәвлатәи ателеканалк аефир аҿы иазхаҵам Донецктәи Жәлар рреспублика анапхгаҩы Денис Пушилин ишааицҳаз, Мариуполь украинатәи арратә тҟәацәа арратә трибунал рзымҩаԥыргоит.