Карол Невроцки – Урыстәыла Қырҭтәыла ианажәылоз, усҟан цқьа иаҳзеилымкааит уи Кремльтәи аимпериализм ҿыц алагамҭа шакәыз, Польша ибзиаӡаны иаадыруа ҧасатәи аҭоурых еиҭалагоит
Польша ахада Карол Навроцки ишиҳәаз ала, ҳазну амза алагамҭаз адронқәа рыла итәыла аҳаиртә қәыҧшылара аилагара аурыс империализм аҿырҧштәы акәын.
„Урыстәыла Қырҭтәыла ианажәылоз, усҟан цқьа иаҳзеилымкааит уи Кремльтәи аимпериализм ҿыц алагамҭа шакәыз. Рыцҳарас иҟалаз, Польша ибзиаӡаны иаадыруа ҧасатәи аҭоурых еиҭалагоит“, – иҳәеит Навроцки ЕАР Ассамбдеиа Хада аадебатқәа рҿы данықәгылоз.
Иара иажәаәа рыла, адронқәа машәырла акәӡам Польша аҳаиртә қәыҧшылара ишалалаз.
„Жәабала адронқәа хықәкыла ҳтәыла аҳаиртә қәыҧшылара еиларгеит. Уи машәырла акәӡам ишыҟалаз. Уи азы адҵа ҟаҵан ЕАР Ашәарҭадара ахеилак иалахәу аҳәынҭқарра аҳҭнықалақьаҿ“, – иҳәеит Навроцки.
Навроцки иҳәамҭала, ари аинцидент амшала, Польша, аҩбатәи адунеитә еибашьра ашьҭахь раҧхьаӡа акәны, аҕатә обиектқәа реихсра ақәшәеит.
„Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, сара, арбџьармчқәа рҧыза хадеи, иара убас, Польша ахадеи иаҳасабала, агәра шәсыргыр сҭахуп Польша ахатә ҵакырадгьыл ахьчара ишазыхиоу. Ҳара ҳазынтәгьы Урыстәыла аҭакҧхықәра адҵара иаҳуалуп“, – иҳәеит Навроцки.