Мариуполь ахада ибжьагаҩ идыррақәа рыла, Мариуполь иҭахеит 22000-ҩык
Мариуполь ахада ибжьагаҩ идыррақәа рыла, Мариуполь иҭахеит 22000-ҩык

Мариуполь ахада ибжьагаҩ Пиотр Андриушьенко идыррақәа рыла, Мариуполь иҭахеит 22000-ҩык.

Ари атәы уи CNN аинтервиу аҿы иазгәеиҭеит.

Андриушьенко ишааицҳаз, Мариуполь ахадаоа аофициалтә хаҿқәа ринформациала, хымз рыла иҭахеит 22000-ҩык рҟынӡа. Мариуполь ахада ибжьагаҩ иажәақәа рыла, аԥсыбаҩқәа рнышәаҭара иуадаҩуп, ампыҵахалаҩцәа урҭ аморгқәа рахь рнагара адҵа ҟарҵоит.

“Ақалақь аҿы антисанитариа иҟоуп. Алашарас иҟоу аурыс аруааи аурыс патрульқәеи ирымоу арлашагақәоуп. Зехьынџьара аԥсреи амцеи рыфҩы уаҳауеит,” – иҳәеит Андриушьенко.

Мариуполь ахада ибжьагаҩ иажәақәа рыла, ақалақь аизолиациаҿ иҟоуп, уа иҟоу аҭагылазаашьа агуманитартә катастрофоуп.