AP аусԥшаара инақәыршәаны, хәажәкыра 16 рзы урыстәылатәи аруаа имҩаԥыргаз Мариупольтәи адраматә театр ажәылараан  600-ҩык ҭахеит
AP аусԥшаара инақәыршәаны, хәажәкыра 16 рзы урыстәылатәи аруаа имҩаԥыргаз Мариупольтәи адраматә театр ажәылараан 600-ҩык ҭахеит

AP аусԥшаара инақәыршәаны, хәажәкыра 16 рзы урыстәылатәи аруаа имҩаԥыргаз Мариупольтәи адраматә театр ажәылараан 600-ҩык ҭахеит. Аусԥшаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, ажурналистцәа атеатр 3D  амодель аԥырҵеит. Ари азы рзы иадырхәит аҭыԥ аҿы иҟаз ауаа рҳәамҭақәеи, ахыбрааплани, афотоҭыхымҭақәеи авидеонҵамҭақәеи.

Ишеилкаахаз, аурысцәа ржәылараан, адәытә крыфарҭаҿ 100-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра иҟан, урҭ зегьы ҭахеит, аԥжәараан ахыбраҿ иҟан 1000-ҩык. Иара убас, аусԥшаара аан шьақәырӷәӷәамызт ахыбраҿ алегион “Азов” рҽарҵәахуан ҳәа.

Еиқәхаз ауаа рдыррақәа рыла, атеатр ахыбраҿ аруаа ма аибашьцәа иҟамызт.

Аурысцәа Мариупольтәи атеатр абомбақәа хәажәкыр 16 рзы рыларыжьит.