Израиль Атәылахьчаратә мчқәа – Ҕаза асектор аҩадатәи ахәҭа аҟынтәи ауааҧсыра шәарҭада аладатәи ахәҭахьы риагара амзызла, иахьа агуманитартә корридор аадыртуеит
Израиль Атәылахьчаратә мчқәа – Ҕаза асектор аҩадатәи ахәҭа аҟынтәи ауааҧсыра шәарҭада аладатәи ахәҭахьы риагара амзызла, иахьа агуманитартә корридор аадыртуеит

Израиль Атәылахьчаратә мчқәа ринформациала, – Ҕаза асектор аҩадатәи ахәҭа аҟынтәи ауааҧсыра шәарҭада аладатәи ахәҭахьы риагара амзызла, иахьа, асааҭ  10:00  инаркны  асааҭ 14:00-нӡа  агуманитартә корридор аатызаауеит.

Сиенен“ адыррала,  ауааҧсыра ари аҵакырадгьыл иалҵыр рылшоит Салиҳ Аль-Дени имҩала.

Уажәазы асектор аҩадатәи ахәҭаҿы иҟоуп  400 нызқьҩык раҟара. ЕАР аинформациала, Газа асектор иқәынхо  2.3 миллионҩык рҟынтә  1.5 миллион мчыла ихгоуп.