Украина арбџьармчқәа реиҳабы - Хара имгакәа ажәыларатә операциа ҳалагоит
Украина арбџьармчқәа реиҳабы - Хара имгакәа ажәыларатә операциа ҳалагоит

Хара имгакәа ажәыларатә операциа ҳалагоит, – иҳәеит Украина арбџьармчқәа реиҳабы  Александр Сирски.

Сирски Лимантәи арегион аҟны афронт ацәаҳәаҿ дыҟоуп, уи украинатәи аруаа дырԥылеит.

“Арратә ҳгәыԥқәа рцәаҳәақәеи рпозициақәеи рыхьчара иманшәаланы нарыгӡоит, аӷа иҿагылоит. Ҳара афронт аҿы иҟоу аҭагылазаашьеи иҿианы иҟоу асценарқәеи ҳрыхцәажәеит”, – иҳәеит Сирски.

Украина арбџьармчқәа реиҳабы ишазгәеиҭаз ала, хара имгакәа Украина ажәыларатә операциа алагоит.