Украина анапхгара ишаарыцҳаз ала, Урыстәыла ампыҵахалатә мчқәа украинатәи арбџьармчқәа рпозициақәа иреихсуеит нас дара амца аанкылара арежим аилагара рхарарҵарц азыҳәан
Украина анапхгара ишаарыцҳаз ала, Урыстәыла ампыҵахалатә мчқәа украинатәи арбџьармчқәа рпозициақәа иреихсуеит нас дара амца аанкылара арежим аилагара рхарарҵарц азыҳәан

Украина анапхгара ишаарыцҳаз ала, Урыстәыла ампыҵахалатә мчқәа украинатәи арбџьармчқәа рпозициақәа иреихсуеит нас дара амца аанкылара арежим аилагара рхарарҵарц азыҳәан.

Арратә штаб адыррақәа рыла, мшаҧы  9 амца аанкылара арежим  7нтә еилаган.

Аусеицуреи Ашәарҭадареи азы Европатәи Аиҿкаара Урыстәылатәи афедерациа арбџьармчқәа имҩаҧырго ажәылара иазкны адырра роухьеит.

Украина мрагыларатә ахәҭаҿы аҭагылазаашьа иалацәажәеит Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкени Германтәылеи Франциеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәеи.  Жан-Ив  Ле Дриани  Хаико Мааси данрацәажәоз, Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ иаҵшьны иазгәеиҭеит Украина аҵакырадгьылтә акзаара адгылара аҵакы ду шамоу. Франциа Урыстәылантә аилыркаарақәа иаҳәоит украинатәи аҳәаа инаваршәны арбџьармчқәа реиҭаҵра амзызқәа ирызкны.