Украина аибашьра ианалага ашьҭахь раҧхьаӡа акәны,  Украинеи Китаии рхадацәа ҭелла еицәажәеит
Украина аибашьра ианалага ашьҭахь раҧхьаӡа акәны,  Украинеи Китаии рхадацәа ҭелла еицәажәеит

Украина аибашьра ианалага ашьҭахь раҧхьаӡа акәны,  Украинеи Китаии рхадацәа ҭелла еицәажәеит.

Украина ахада асоциалтә аҳаҿы ишиҩыз ала, дара кыраамҭа еицәажәон.

Украина ахада ишазгәеиҭаз ала, аҭелтә аиҿцәажәареи, иара убас Китаи Украина ацҳаражәҳәаҩ иқәыргылареи 2 тәылак реизыҟазаашьақәа рырҿиара иацхраап ҳәа дгәыҕуеит.

Аофициалтә Пекин анеитралитет иадгылоит, ари атәыла анапхгара урыстәыла-украинатәи еибашьра иаартны иақәыӡбом. Аха, иҳаҩсыз амзазы  Си Цзиньпин Москва даҭааит.