Украина аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура - Украина ақалақьқәа рганахьала урыстәылатәи амчқәа имҩаԥыргаз аракетатә жәылараан 11-ҩык ҭахеит
Украина аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура - Украина ақалақьқәа рганахьала урыстәылатәи амчқәа имҩаԥыргаз аракетатә жәылараан 11-ҩык ҭахеит

Украина ақалақьқәа рганахьала урыстәылатәи амчқәа имҩаԥыргаз аракетатә жәылараан 11-ҩык ҭахеит. Ари атәы аицхаит Украина аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура анапхгаҩы Александр Хорунџь.

Иахьа урыстәылатәи ар Украина ақалақьқәа рганахьала зымҽхак ҭбааз аракетатә жәылара мҩаԥыргеит. Украина аҳҭнықалақь ахада Витали Кличко ишааицҳаз, Киев, Голосеевски араионаҿы аракета каҳаит, аӡәы дҭахеит, ҩыџьа ахәышәтәырҭахь ингоуп. Украина аҳауахьчаратә система аҿакын Винницатәи, Днепропетровсктәи, Одессатәи, Житомиртәи аобластқәа рҿы. Одесса ақалақь аҟны ԥжәарақәак ҟалеит. Ақалақь аҿы аԥхасҭа роуит афымцатә станциақәа ҩба.

Украина арбџьармқәа реиҳабы, аинрал Валери Залужин ишааицҳаз, аӷацәа ирышьҭыз 55 ракетақәа рҟынтә, 47 карыжьит.