"Wall Street Journal" - Владимир Зеленски аҭынчратә план цыригоит 2023 шықәса жәабран азы
"Wall Street Journal" - Владимир Зеленски аҭынчратә план цыригоит 2023 шықәса жәабран азы

Wall Street Journal аинформациала,  2023 шықәса жәабран азы Владимир Зеленски аҭынчратә план цыригоит. Америкатә ҭыжьымҭа ари аинформациа аланарҵәеит европатәии америкатәи дипломатцәа рдырра шьаҭас иҟаҵаны.

Аҭыжьымҭа ишану ала, Америкеи,  Украинеи,  НАТОи аофициалтә хаҿқәа аарыцҳаит иҟалар зылшо аиҿцәажәарақәа зегьы раан Украина апозициа аибашьраҿ ари атәыла аҭагылазаашьа иахьыҧшызаауеит ҳәа,  убри аҟынтә,  Киев аҭынчратә аиҿцәажәарақәа рзы аҽазыҟанаҵоит арратә аиааира ашьҭахь.

Вашингтон ивизитаан Владимир Зеленски Америка ахада Џьо Баиден аҭынчратә план изцәыригеит. Аплан адетальқәа макьана идырым,  аха «The Washington Post» аинформациа инақәыршәаны,  Америка аибашьра ахыркәшаразы 3 вариантк ирыхәаҧшуеит. Лымкаала: Украина аҵакырадгьыл аҟынтә,  Ҟрым аҟынтәгьы,   аурыс арбџьармчқәа зегьы ралгара,   аурыс аруаа  2014 шықәсанӡатәи апозициақәа рахь рырхынҳәра,  мамзаргьы,  Ҟрым акәымкәа,  Донбасс аҟынтә ралҵра. Аха,  америкатә ҭыжьымҭа ишану ала,  Украина аҵыхәтәантәи 2 вариантк ирықәшаҳаҭым.