Володимир Зеленски - Уажәы алхрақәа рҽазыҟаҵаразы иаамҭам, Украина ампыҵахалаҩцәа рабашьразы амазароуп аконцентрациа
Володимир Зеленски - Уажәы алхрақәа рҽазыҟаҵаразы иаамҭам, Украина ампыҵахалаҩцәа рабашьразы амазароуп аконцентрациа

Уажәы алхрақәа рҽазыҟаҵаразы иаамҭам, Украина ампыҵахалаҩцәа рабашьразы амазароуп аконцентрациа, – иҳәеит Украина ахада Володимир Зеленски.

„Аибашьра шцо, ауадаҩрақәа шырацәоу ибзиаӡаны еилаҳкаауеит. Иҭакԥхықәрадоуп уажәы алхрақәа рымҩаԥгара азҵаара алахәмарра. Иашьашәалоу аструктурақәеи ачинуааи рҟынтә ҳхықәкы хадақәа ирызкны иконкрету аҭак ҳазыԥшуп. Ари атәылауаҩратә напхгареи, арратә елементи, Украина иреиҳаӡоу Радеи, Украина ашәарҭадаратә маҵзуреи уҳәа уб. егь. азинхьчаратә усҳәарҭақәеи ирыдҳәалоуп. Сгәы шаанаго ала, уажәы алхрақәа рымҩаԥгара иаамҭам, уажәы аполитикатә аимак аҭыԥ амамзароуп,” – иҳәеит Зеленски.