Владимир Зеленски  -  Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа иазхозҭгьы, ажәылара иаҟәыҵхьазаарын  
Владимир Зеленски  -  Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа иазхозҭгьы, ажәылара иаҟәыҵхьазаарын  

Урыстәылатәи агрессиа аан Украина мраҭашәаратә партниорцәа рҟынтә ацхыраара аиуеит, аха уи иазхом,  Урыстәыла иаҿагыланы ишьақәдыргылаз асанкциақәагьты азхом,  – иҳәеит Украина ахада Владимир Зеленски хәажәкыра  9 рзы анемец газеҭ  Die Zeit аинтервиу анеиҭоз.

Иара ишиҳәаз ала, Урыстәыла ажәылара иалагаанӡа, иара адунеи зегьы дрыҳәон иахәҭоу ақәҿыҭра аҭаны, Кремль асанкциақәа азышьақәдыргыларц.

«Мызкы аҧхьа, ажәылара иалагаанӡа, адунеи зегьы ирбон аибашьра ҟалар шауаз. Арбџьармчқәа ҳҳәааҿы игылан. Сара ирасҳәон: «Урыстәыла, ажәылара азхәыцра аҟәыҵра адазцалаша, абас иџьбароу асанкциақәа азышьақәшәыргыл».  Уи ҟарымҵеит. Сара ирасҳәон: «Ҳшәарҭадара шыхьчазаауа  агәра ҳзыргаша, абри аҩыза ацхырара ҳашәҭ». Уигьы ҟарымҵеит. Уажәы аибашьра ҳаҿуп. Иџьбараӡоу аибашьра. Асанкциақәа иазхозҭгьы, ажәылара иаҟәыҵхьазаарын.  Адунеи аҿы аурыс нефҭи анефҭаалыҵи уажәгьы аахәара иаҿуп. Мраҭашәаратә корпорациақәа уажәгьы урыстәылатәи аџьармыкьаҿы аус руеит. Ицазгьы иҟоуп, урҭ ҳраҭабууп.  Аха, уажәгьы аҧара зырҳауа абизнес гигантқәа иҟоуп. Асанкциақәа ҳрылацәажәозар, раҧхьа иргыланы, уи анефҭи, анефҭаалыҵи, агази ауп. Адунеи абаҕәазақәа аурыс аҕбақәа рзы иаркызароуп. Аурыс банкқәа SWIFT асистема иаҿыхтәуп. Абарҭ аконкреттә аусқәа рыҟаҵара ҟалоит. Уажәы иҟашәымҵар, ҳаҧхьаҟа Балтиа атәылақәеи, Польшеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи, Урыстәыла агәылара иҟоу егьырҭ атәылақәеи  урыстәылатәи ажәылара аҟынтә рыхьчаразы иаҳа ирацәаны аҟаҵара шәықәшәоит», – иҳәеит Украина ахада.