Владимир Зеленски Украина аҭагылазаашьа ҷыда рылаиҳәеит
Владимир Зеленски Украина аҭагылазаашьа ҷыда рылаиҳәеит

Украина ахада Владимир Зеленски Украина аҭагылазаашьа ҷыда рылаиҳәеит.

“Ҳаҭыр зқәу Украина атәылауаа, иахьа Владимир Путин Донбас аратә операциа ҷыда амҩаԥгара иазку аҳәамҭа ҟаиҵеит.

Урыстәыла арратә ҳинфраструктура ақәлеит,” – иҳәеит Зеленски. Уи атәылауаа аҩны иаанхары рабжьеигеит.

Аих рдыррақәа рыла, Украина ақалақьқәеи аиланхарҭақәеи рҿы атҟәацрақәа рыбжьы гоит, имҩаԥысуеит аракетатә асрақәа.