Владимир Зеленски -  Қырҭтәыла ауааҧсыреи аиҳабыреи рахь ааҧхьара ҟасҵоит,  Саакашвили уажәтәи иҭагылазаашьа Қырҭтәыла иақәнагам
Владимир Зеленски -  Қырҭтәыла ауааҧсыреи аиҳабыреи рахь ааҧхьара ҟасҵоит,  Саакашвили уажәтәи иҭагылазаашьа Қырҭтәыла иақәнагам

«Саакашвили уажәтәи иҭагылазаашьа  ихыччара ауп иаанаго, уи  Қырҭтәыла иақәнагам, уи аҵыхәа ҧҵәатәуп», — иҳәеит Украина ахада Владимир Зеленски есымшатәи ивидеоааҧхьараҿы.

Зеленски Қырҭтәыла анапхгара дрыҳәеит Михаил Саакашвили Украина, иарбанызаалак европатәи атәылаҿ ма Америка  иҟоу ахәышәтәырҭашҟа диаргарц.

«Қырҭтәыла иҟоу ҳҩызцәеи намыс змоу ауааҧсыреи рахь ааҧхьара ҟасҵар сҭахуп.  Михаил Саакашвили иҭагылазаашьа зеиҧшроу жәбазар ҟалап. Убри аҟынтә, Қырҭтәыла  ауааҧсыреи анапхгареи рахь ааҧхьара ҟасҵоит  – агәыҳалалра аарҧштәуп.  Саакашвили уажәтәи иҭагылазаашьа  ихыччара ауп иаанаго, уи  Қырҭтәыла иақәнагам, уи аҵыхәа ҧҵәатәуп. Сшәыҳәоит иҧсҭазаара еиқәзырхаша аӡбара шәыдышәкыларц. Михаил Саакашвили Украина, иарбанызаалак европатәи атәылаҿ ма Америка  иҟоу ахәышәтәырҭашҟа диажәга», — иҳәеит  Владимир Зеленски.