Владимир Зеленски - Натои, Евроеидгылеи G7-и рсаммит иалҵшәаны украинаа еилыркаауеит мраҭашәараҿ аҩызцәеи аԥсахҩцәеи изусҭцәада,
Владимир Зеленски - Натои, Евроеидгылеи G7-и рсаммит иалҵшәаны украинаа еилыркаауеит мраҭашәараҿ аҩызцәеи аԥсахҩцәеи изусҭцәада,

Натои, Евроеидгылеи G7-и рсаммит иалҵшәаны украинаа еилыркаауеит мраҭашәараҿ аҩызцәеи аԥсахҩцәеи изусҭцәада, – иҳәеит Украина ахада Владимир Зеленски.

Владимир Зеленски иежәақәа рыла, Укарина Натои, Евроеидгылеи G7-и ашьаҿа дуқәа рыҟаҵара иазыԥшуп.

Украина ахада ишааицҳаз, Урыстәыла ахатә интересқәа рлобирра алаган, аибашьра атема ахашҭра азҵааразы апартниорцәа рықәыӷәӷәара аҿуп.

„Асаммит аҿы ҳпозициа ааҳарԥшуеит, иџьбароу ҳпозициа. Асаммит аҿы еилаҳкаауеит мраҭашәараҿ аҩызцәеи аԥсахҩцәеи изусҭцәада“, – иҳәеит Зеленски.

Украина ахада ишааицҳаз,  аҳаирпланқәеи, ҳаамҭазтәи аракетаҭархагатә бџьари, атанкқәеи, аӷбаҭархага аибыҭареи макьана имоуӡацт.

Зеленски зхы иақәиҭу адунеи зхы иақәиҭу ауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит,  Нато, Евроеидгыла ма G7 рҿы Урыстәыла анырра иаҿагыларц.

“24 рзы иҟало иаабап, ” – иҳәеит Украина ахада.