Мака Боҷоришвили: Таџьиқистан Қырҭтәыла атранзиттә потенциал даара иазҿлымҳауп
Мака Боҷоришвили: Таџьиқистан Қырҭтәыла атранзиттә потенциал даара иазҿлымҳауп

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Бочоришвили лажәақәа рыла, Ҭаџьиқистан лҭаараан ибжьаҵаз аиқәшаҳаҭрақәа аҩ-ҳәынҭқаррак реизыҟазаашьақәа аринахысгьы арҵауларазы алшарақәа ҿыцқәа аԥнаҵоит.

“Ари раԥхьаӡатәи иреиҳау аҩаӡараҿы Қырҭтәылантәи Таџьиқистанҟа аҭаара ауп. Таџьиқстантәи аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи иреиҳау аҩаӡара змоу аилатәарақәа мҩаԥган, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҿы аусеицуратә еиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵан, урҭ аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара аизыҟазаашьақәа рыҿиаразы алшарақәа ҿыцқәа аԥнаҵоит”, – ҳәа иҳәеит адәныҟатәи аусқәа рминистр.

Мака Бочоришвили, иара убас, Қырҭтәыла атранзиттә потенциал аганахьала Ҭаџьикистан иамоу азҿлымҳареи, аҩҳәынҭқаррак рыбжьара аекономикатә комиссиа аԥҵара аҵак ду шамоу азгәеиҭеит.

Уажәтәи агеополитикатә ҭагылазаашьаҿы, Қырҭтәыла иҟанаҵо ҷыдала аинтерес аҵоуп. Урҭ ргәазыҳәарақәа, жәаҳәарада, Қырҭтәыла ала Таџьиктәи аидара аиагара ауп. Аекономикатә комиссиа аҳәаақәа ирҭагӡаны ахәаахәҭратәи аекономикатәи зҵаарақәа рыӡбара», – иазгәалҭеит Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахада.