Владимир Зеленски  - Ҳамацара ҳҳәынҭқарра ҳахьчоит, адунеи идуӡӡоу амчқәа харантә иҳахәаҧшуеит, иацтәи асанкциақәа Урыстәылазы анырра рымоума?
Владимир Зеленски  - Ҳамацара ҳҳәынҭқарра ҳахьчоит, адунеи идуӡӡоу амчқәа харантә иҳахәаҧшуеит, иацтәи асанкциақәа Урыстәылазы анырра рымоума?

«Иаци иахьеи ҳамацара ҳҳәынҭқарра ҳахьчоит. Адунеи идуӡӡоу амчқәа харантә иҳахәаҧшуеит. Иацтәи асанкциақәа Урыстәылазы анырра рымоума? Уи шазымхо аабоит», —  иҳәеит Украина ахада Владимир Зеленски ателеааҧхьараҿы.

Иара украинаа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит еидгыланы еицхыраарц.

«Украинаа рҧеиҧш шәара шәоуп изхьыҧшу. Ҳара ҳадгьылаҿ ҳаҟоуп,  ҳара ҳиашоуп. Аракетақәа рыла ҳхақәиҭра изаҿагылом», — иҳәеит Зеленски.