Владимир Зеленски Евроеидгыла асаммит алахәылацәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит – Қырҭтәыла уажәтәи анапхгара Евроеидгыла аус ацуразы мап ркит, убри аҟынтә ирықәыҕәҕароуп
«Урыстәыла изхылаҧшуа ақырҭуа мафиа ртәыла Путин иныррашҟа ииаганы, европатәи амҩа мап ацәыркыр рҭахуп», — иҳәеит Украина ахада Владимир Зеленски Бриуссель имҩаҧусуа Евроеидгыла асаммит аҿы данықәгылоз.
Иара иажәақәа рыла, европатәи аконтинент ашәарҭадара аиқәыршәара ҟалоит европатәи атәылақәа зегьы Евроеидгылеи НАТОи рахь ринтеграциа мацарала.
«Ҳконтинент ашәарҭадаразы аус зуа ауаа зегьы сраҭабууп. Ари ахықәкы анагӡара ҟалоит европатәи атәылақәа зегьы Евроеидгылеи НАТОи рахь ринтеграциа мацарала. Адемократиатә милаҭқәа зегьы еидҵоу Европеи Алианси ирылазароуп. Рыцҳарас иҟалаз, Урыстәыла изхылаҧшуа ақырҭуа мафиа ртәыла Путин иныррашҟа ииаганы, европатәи амҩа мап ацәыркыр рҭахуп. Қырҭтәыла уажәтәи анапхгара Евроеидгыла аус ацуразы мап ркит, убри аҟынтә, ирықәыҕәҕатәуп, ҷыдала Иванишвилии иҩызцәеи рықәыҕәҕәара шәыбжьазгоит, дара ақырҭуа жәлар европатәи аҧеиҧш ацәырымҕьычырц азыҳәан. Европаҿ тәылакгьы ҳцәыӡыр ҟалом, избанзар, уи аиҟәшареи аимаки ахылҵуеит», — иҳәеит Зеленски.