Владимир Зеленски - Адунеи Ҟрым ампыҵахалареи Қырҭтәыла иаҿагылаз аибашьреи ирбар рҭахымызт, аха, ирбеит
«Адунеи Ҟрым ампыҵахалареи, Қырҭтәыла иаҿагылаз аибашьреи, Приднестровие агареи, Урыстәыла ала ахатә ҳәаақәа рҿы егьырҭ аимакқәа реиҿкаареи ирбар рҭахымызт, аха, ирбеит, абри зегьы злаанаҳкылари?», — иҳәеит Украина ахада Владимир Зеленски.
Владимир Зеленски ЕАР Ашәарҭадара ахеилак аҿы дықәгылеит.
Украина ахада Ашәарҭадара ахеилак алахәылацәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит Украина аҵакырадгьыл аҿы атеррактқәа рымҩаҧгаразы адҵа ҟазҵаз урыстәылатәи арратә маҵзуҩцәа ашьауҕа рықәҵаразы, Аҩбатәи адунеитә еибашьра ашьҭахь Ниурбергтәи апроцессаан ишыҟалаз еиҧшҵәҟьа.