Ҕаза асектораҿ зыҧшра ҟамҵакәа амца аанкыларазы Америка иармазеиыз  арезолиуциа  Китаии Урыстәылеи вето ақәырҵеит
Ҕаза асектораҿ зыҧшра ҟамҵакәа амца аанкыларазы Америка иармазеиыз арезолиуциа Китаии Урыстәылеи вето ақәырҵеит

ЕАР Ашәарҭадара ахеилак аилатәараҿы Ҕаза асектораҿ зыҧшра ҟамҵакәа амца аанкыларазы ааҧхьара ахьыҟаҵоу  Америка арезолиуциа Китаии Урыстәылеи вето ақәырҵеит.

Арезолиуциа иадгылеит 11 ҳәынҭқаррақәа, 3 ҳәынҭқаррак иақәшаҳаҭымхеит, ҳәынҭқаррак аҽааннакылеит.

ЕАР аҿы Америка ацҳаражәҳәаҩ Линда Томас-Гринфилд ишылҳәаз ала, Урыстәылеи Китаии ари арезолиуциа иадымгылеит.