Израиль аҳәарала, иахьа ЕАР Ашәарҭадара ахеилак зыҧшра ҟамҵакәа аилатәара  мҩаҧнагоит
Израиль аҳәарала, иахьа ЕАР Ашәарҭадара ахеилак зыҧшра ҟамҵакәа аилатәара  мҩаҧнагоит

Израиль аҳәарала, иахьа ЕАР Ашәарҭадара ахеилак зыҧшра ҟамҵакәа аилатәара  мҩаҧнагоит. Израильтәи АИХқәа рдыррақәа рыла, аилатәара иалагоит аҭыҧантәи аамҭала асааҭ    16:00 рзы.

ЕАР иҟоу Израиль ацҳаражәҳәаҩ  Гилад Ердан Ашәарҭадара ахеилак ахантәаҩы ишәҟәы издәықәҵаны,  аҳәара ҟаиҵоит ЕАР Ашәарҭадара ахеилака  «Исламтәи ареволиуциа ахьчаҩцәа ркорпус» атеррористтә аиҿкаарас иазханаҵарц.