Иран Израиль иаҿагылаз аоперациа ахыркәшара иазкны аанацҳаит
Иран Израиль иаҿагылаз аоперациа ахыркәшара иазкны аанацҳаит

Иран Израиль иаҿагылаз аоперациа ахыркәшара иазкны аанацҳаит. Ари аинформациа алаирҵәеит Иран Арбџьармчқәа рштаб хада анапхгаҩы Моҳаммад Бакери.

Иара ишиҳәаз ала,  иаҭаххар, ирантәи аруаа  аибашьра аиҭалагара иазыхиоуп.

Бакери иҳәамҭала, аоперациа қәҿиарала имҩаҧган.

Аштаб хада анапхгаҩы иажәақәа рыла, Израиль  «ирантәи аинтересқәеи, ачынуааи, атәылауааи иржәылар» Иран аҟынтә иахәҭоу аҭак аиуеит.