Украина ахада Владимир Зеленски ақалақь Буча дҭааит.
Атәыла ахада аҭыҧантәи ауааҧсыра драцәажәан, даҽазнык иазгәеиҭеит Урыстәыла Украинаҿ агеноцид шымҩаҧнаго.
BBC ажурналист атәыла ахада диазҵааит Урыстәылаҟны аҭынчра азҵаара алацәажәара ҟалома ҳәа. Зеленски абас аҭак ҟаиҵеит: «Ааи, Украина ҭынчзароуп. Ҳара Европа ҳаҟоуп, 21-тәи ашәышықәса ҳҭагылоуп. Ҳара адипломатиатәи арратәи ҽазышәарақәа наҳагӡоит», — иҳәеит Зеленски.