Владимир Путин – Урыстәыла, заанаҵы агрессиазы аҭак ҟанаҵеит, уи иаамҭаныз, аӡбара иаша заҵәын, ҳара уаҳа ҧсыхәа ҳамамызт
Владимир Путин – Урыстәыла, заанаҵы агрессиазы аҭак ҟанаҵеит, уи иаамҭаныз, аӡбара иаша заҵәын, ҳара уаҳа ҧсыхәа ҳамамызт

Москва, Аҩбатәи адунеитә еибашьраҿы аиааира амш инамаданы, атрадициатә парад мҩаҧысуеит. Уажәааны атәыла ахада арратә маҵзуҩцәеи ачинҳаракҩцәеи рахь ааҧхьара ҟаиҵеит. Путин Украина имҩаҧысуа аибашьра дазааҭгылан, арратә операциа ҷыда ҳәа ахьӡаиҵеит.

Иара иажәақәа рыла, урыстәылатәи аруаа Украина, Донбасс ауааҧсыра рыхьчоит. Владимир Путин даҽазнык иазгәеиҭеит Урыстәыла аӡбара иаша шаднакылаз.

«Ҵыҧх ҧхынҷкәын азы, ҳара ашәарҭадара агарантиақәа ирызкны аилаӡара рыдаагалеит. Урыстәыла Мраҭашәарашҟа ааҧхьара ҟанаҵеит намысла адиалог алагареи акомпромисстә аӡбарақәа рыҧшаареи азы. Аха, уи алҵшәа ахылымҵит. НАТО атәылақәа ҳабжьы раҳар рҭахымхеит, дара зынӡаскгьы даҽа планқәак рыман. Донбасс ахьырхәратә операциазы рҽазыҟарҵон, ҳҭоурыхтә дгьылқәа иржәылар рҭахын, Ҟрымгьы налаҵаны. Аблок НАТО ҳтәыла иаҧну аҵакырадгьылқәа рнапаҿы аагара иалагеит. Убри аҟынтә, ҳҳәаақәа рҿы ашәарҭара ҳазцәырҵит, ҳара уи ҳзақәшаҳаҭхомызт.

Лабҿаба иубарҭан анеонацистцәа, абандераа рҟны аиҿагылара шыҟалоз. НАТО атәылақәа урҭ ҳаамҭазтәи аҿыцӡоу бџьарла реиқәыршәара иаҿын.

Ашәарҭара есымша иацлон. Урыстәыла ари агрессиазы аҭак ҟанаҵеит. Уи – ихьыҧшым, зхала иҟоу атәыла ҕәҕәа иаамҭаны иаднакылаз  аӡбара иаша заҵәын, ҳара уаҳа ҧсыхәа ҳамамызт», — иҳәеит  Путин.