Владимир Путин – Урыстәыла украинатәи азҵаара иадҳәаланы абаланс зызу Китаи  апозициа ахә ршьоит
Владимир Путин – Урыстәыла украинатәи азҵаара иадҳәаланы абаланс зызу Китаи  апозициа ахә ршьоит

Reuters адыррала, Урыстәыла ахада  Владимир Путин Китаи ахада  Си Цзиньпин иеиҳәеит  Москва  Пекинтәи аполитика  «иаку  Китаи» ишадгыло, Таивантәи аӡыбжьахалаҿ Америка  «апровокациақәа» ишрықәшаҳаҭым,  украинатәи азҵаара иадҳәаланы абаланс зызу Китаи апозициа ахә шыршьо.

Ҩ-тәылак рлидерцәа Узбекистан, ақалақь Самарканд еиҧылеит, уаҟа Шанхаитәи аусеицура аиҿкаара асаммит мҩаҧысуеит. Урыстәыла Украинаҿ аибашьра ианалага инаркны, арҭ алидерцәа, раҧхьаӡа акәны, ишиашо аиҧылара мҩаҧыргеит.

«Украинатәи акризис иадҳәаланы китаитәи ҳҩызцәа иаадырҧшуа, абаланс зызу  апозициа иҳаракны ахә ҳшьоит. Ари азҵаара шәшаргәамҵуа еилаҳкаауеит. Ҳәарада, иахьатәи аиҧылараҿы ҳпозициа ааҳарҧшуеит», — иҳәеит  Владимир Путин.