Владимир Путин – Урыстәыла Украинаҿ имҩаҧнаго арратә операциа ҷыда  - зхатә шәарҭадара ахьчара азин змоу ихьыҧшым аҳәынҭқарра аӡбароуп
Владимир Путин – Урыстәыла Украинаҿ имҩаҧнаго арратә операциа ҷыда  - зхатә шәарҭадара ахьчара азин змоу ихьыҧшым аҳәынҭқарра аӡбароуп

«Урыстәыла Украинаҿ имҩаҧнаго арратә операциа ҷыда  – зхатә шәарҭадара ахьчара азин змоу ихьыҧшым аҳәынҭқарра аӡбароуп», — иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин Петербургтәи аекономикатә форум аҿы.

Путина ишиҳәаз ала, Украинаҿ аоперациа ҷыда аҳасабтәқәа зегьы хымҧада инагӡазаауеит.

«Иҟаз аҭагылазаашьаҿы, ҳтәыла ашәарҭадареи ақәмақарреи афонаҿы, Урыстәыла арратә операциа ҷыда амҩаҧгара ада уаҳа ҧсыхәа амамызт.    Уи зхатә шәарҭадара ахьчара азин змоу ихьыҧшым аҳәынҭқарра аӡбароуп. Адунеитә џьармыкьақәа рҿы аинфлиациа аҕәҕәахара апроцесс уаанӡа иалагеит. Адунеи аҿы абри аҩыза аҭагылазаашьа ҟалеит идуу бжь-ҳәынҭқаррак имҩаҧыргоз аҭакҧхықәрадатә политика амшала.   Акоронавирус апандемиа аан аҭагылазаашьа иаҳа ицәгьахеит. Евроеидгыла ахатә политикатә хьыҧшымра ацәыӡит, аполитикатә елита хыхьынтә ирарҳәо ҟарҵоит, рхатә уааҧсыреи, рхатә економикеи, рхатә бизнеси ҧырхага азааго », — иҳәеит Путин.