Владимир Путин  украинатәии мраҭашәаратәи амаҵзура ҷыдақәа урыстәылатәи ажурналистцәа, Владимир Соловиевгьы,  рышьра аҽазкра рхараиҵоит
Владимир Путин  украинатәии мраҭашәаратәи амаҵзура ҷыдақәа урыстәылатәи ажурналистцәа, Владимир Соловиевгьы,  рышьра аҽазкра рхараиҵоит

Урыстәыла ахада Владимир Путин  украинатәии мраҭашәаратәи амаҵзура ҷыдақәа урыстәылатәи ажурналистцәа, Владимир Соловиевгьы,  рышьра аҽазкра рхараиҵоит. Урыстәыла ахада иҳәамҭала,  урыстәылатәи азинхьчаҩцәа,  еицырдыруа аурыс журналистцәа рышьразы зҽазыҟазҵоз  атеррористтә гәыҧ аадырҧшит.

Путин ари афакт атерроризм ҳасабала дахцәажәан,  ишиҳәаз ала,  мраҭашәаратәи амаҵзура ҷыдақәа Киев иабжьаргоит урыстәылатәи ажурналистцәа ржәылара еиҿыркаарц.

Афедералтә шәарҭадара амаҵзураҿы ишырҳәаз ала,  ацәгьауратә гәыҧ анапхгара азыруан украинатәи амаҵзура ҷыдақәа.